Ростов-Донтәи аҳәынҭқарратә уаажәларратә библиотекаҿы Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирызку алитература атематикатә коллекциа аартуп ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы ихьӡала. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсуаҭҵаратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Ашәба иажәақәа рыла, ас еиԥш апроект азы ахшыҩҵак изцәырҵит Ладатәи Афедералтә университет Асоциологиеи арегионҭҵаареи аинститут апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәыла Максим Васьков.
Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳаи аҵарауаҩ Арда Ашәбеи реиҿцәажәара инарҭбааны шәахәаԥшыр ҟалоит Sputnik Аԥсны асаит аҟны.