АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. "Аԥснытәи Нарҭаа" Урыстәыла агастрольқәа мҩаԥнагоит.
"Макьаназы ҳара ҳазлацәажәо Нальчик, Владикавказ, Краснодар роуп. Хара имгакәа уахь ҳнеиуеит – ԥхынҷкәын 18, 19, 20 рзы", — иҳәеит арадио Sputnik аҿы акоманда алахәыла Ҭеимураз Кәакәасқьыр.
Уи иажәақәа рыла, Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысыз аиԥылараҿы аиааира анырга ашьҭахь, акомандахь аинтерес ҩаԥхьа еизҳаит.
"Аха ҳара ушьҭа ҳақәра неихьеит, уажәы, џьара амҩа ҳақәлаанӡа цқьа ҳхәыцуеит. Дасу хатәы проектқәак ҳамоуп, аус аауеит", — иҳәеит иара.