Аԥсны

Аполитолог Ҳагба Урыстәыла ахада иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ иҿцәажәара ахҳәаа аиҭеит

Sputnik
Урыстәыла ахада иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко АИХ-қәа ириҭаз аинтервиу аҟны — Урыстәыла Аԥсны ианаҭо ацхыраара амҽхак, аԥсуа економика зырҿио ҳәа иԥхьаӡо ртәы, аенергетика, акультура уҳәа азҵаарақәа дрылацәажәеит.
Урыстәылатәи аполитик иҿцәажәара ахҳәаа аиҭеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Инарҭбаау аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.