Атеатртә менеџьерцәа рфестиваль мҩаԥысит Москва ԥхынҷкәын 4-8 рзы. Афестиваль апрограммеи хәарҭарас иалоуи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Аинформациатә хархәагақәа рымадареи SMM-и рзы РУСДРАМ администратор Арсоу Хәаԥшыхә.
Афестиваль аҟны исоуз алшара схы иархәаны азҵаара шьҭысхит урыстәылатәи амилаҭҭә театртә премиа "Ахьтәы сабрада" ("Золотая маска") аиуразы анҭыҵ иҟоу урыстәылатәи атеаатрқәа ахалархәра рылшома ҳәа иҳәеит иара. Агәыӷра ааирԥшит аԥхьаҟа РУСДРАМ уи иалахәхаратә еиԥш аҭагылазаашьагь ҟалап ҳәа.
Иҳәеит Русдрам азҿлымҳара ду шамаз, ирыдҵаалоз атеатрқәа шырацәаз Аԥсныҟа агастрольқәа рыманы аара зҭаху.