АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik.Аԥсны Апарламент аҟны дыргәаладыршәеит Жәлар Реизара адепутат Вахтанг Гәаланӡиа.
Иара дыршьит шықәсык уажәаԥхьа, ԥхынҷкәын 19 2024 шықәсазы Жәлар Реизара аҿы иҟалаз ахысраан. Иара иколлега Кан Кәарҷиа дырхәит.
Вахтанг Гәаланӡиа иқыҭа гәакьа Кәтол ибаҟа аадыртит ақыҭауаа раԥшьгарала.
Уаанӡатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа ацәгьоуразы ахара идҵоуп. Иара апарламенттә лакьымсра ихыхын ԥхынҷкәынмза 21 рзы, иара убасгьы инапынҵақәа иаарлысны иаанкылан лаҵарамзазы.
Ари аусӡбара цоит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы.