Есышықәса Ашықәс ҿыц аламҭалаз Аԥсны атагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа апиротехника ахьырҭиуа адәқьанқәа рҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит. Арҭҟәацгақәа ирыцу амашәыри, урҭ ииашаны рхархәашьеи, рхаҭабзиара ацклаԥшра ҵакыс иамоу уҳәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит АҶА абылраҽацәыхьчара-хылаԥшратә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аркади Аршба.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.