Ашықәс ҿыц — ари ҭаацәаратә ныҳәоуп, иара иацуп агәыхыҭхыҭра, алахҿыхра, аибабара, иара убас, досу иныҟәырго аҵаси ақьабзи. Аныҳәа иацу атрадициақәеи ауаажәларреи аҭаацәеи рҟны аԥхәыс лроли ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳа.
Лара уи адагьы далацәажәеит инаскьааго 2025 шықәсазы лыԥшәма Бадра Гәынба Аԥсны ахадас иалхра ашьҭахь рҭаацәара иадлаз аҭакԥхықәра ишазыҟоу, рыԥсҭазаараҿы еиҭакрақәас иҟалаз, ахәыҷқәа рааӡараҿы ихадароуп ҳәа илԥхьаӡо уҳәа ртәы.
Шәахәаԥш инеиҵыху авидеонҵамҭа.