Аԥсны

Гәынба Амилаҭтә хәмаррақәа рфедерациа алҵшәеи аԥхьаҟатәи агәҭакқәеи дрылацәажәеит

Sputnik
2025 шықәса анҵәамҭазы Аԥсны Амилаҭтә хәмаррақәа рфедерациа аԥҵоуижьҭеи шықәсык ҵит. Иара убас имҩаԥган "Аимҵакьачаразы" раԥхьатәи ачемпионат. Афедерациа ахада Адгәыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ачемпионат амҩаԥгара шалыршахаз, уи алҵшәақәа зеиԥшроу. Иара убас, хаҭала иара изы имҩасыз ашықәс зеиԥшраз, насгьы 2026-тәи ашықәс гәыӷрақәас иадиҳәало ртәы.
Шәахәаԥш инеиҵыху авидеонҵамҭа.