Иҳаҩсхьоу ашықәсқәа ирҿырԥшны 2025-тәи ашықәс С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аусура акырӡа ибеиан ҳәа азгәалҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз атеатр аиҳабы Хьыбла Мықәԥҳа.
Аԥсуа театр еиҭашьақәнаргылаз аспектакльқәа ыҟоуп, иалшеит апремиерақәа фба аҭыжьра, иара убас еиуеиԥшым атеатр иадҳәалоу апроектқәа ҳәа азгәалҭеит лара. Мықәԥҳа дазааҭгылеит атеатр аҩнуҵаҟа аԥырхага азҭо ауадаҩрақәа шыҟоугьы, ачҳара аарԥшны атеатр ԥхьаҟа агаразы ирылшо зегь шыҟарҵо. Илҳәеит, аԥсуа театр азын Урыстәыла иалган иааз аҿар даҽа театрк ахь риагара русура даара иашаԥырхагахаз.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инеиҵыху анҵамҭа.