Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 90 ҭадырхеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 90 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Бриансктәи аобласт аҿы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 37 ҭадырхеит, Курсктәи аобласт аҿы — 22, Калугатәи аобласти Москватәи арегионқәа рҿы —️ 11-11.
Тулатәи аобласт аҿы ԥшь-дрон карыжьит, Воронежтәи аобласт аҿы — 2, акака — Белгородтәи, Орловтәи, Ростовтәи аобластқәа рҿы.
Асааҭ 07:00 - 09:00 ирыбжьанакыз аамҭазы иҭархана украинатәи адронқәа даҽа 42.