Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт аихьӡарақәа ирызкны Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит 2025 шықәсазы имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәеи, зҭыжьра алыршахаз ашәҟәқәеи, насгьы еиҳарак ҩаӡара дууны ииԥхьаӡоуи ртәы.
Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳаи Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәбеи реиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik Аԥсны асаит аҟны.