АҞӘА, ажьырныҳәа 7- Sputnik. Аҳәынҭқарратә хортә капелла артистцәа Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы қьырсаныҳәатә ашәақәа нарыгӡеит.
"Ари иахьатәи аныҳәа лаша иазку ҳамҭоуп", — лҳәеит акапелла адиректор Хьыбла Возԥҳа.
Аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рҿаԥхьа рықәгылара ашьҭахь артистцәа Афонҿыцтәи аҳаԥахьы амҩа иқәлоит.
Уа дара апроект "Анаҟәаԥиатәи асезонқәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны қьырсаныҳәатә аконцертқәа ҩба мҩаҧыргоит лҳәеит Возба.