Аԥсны

Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу иаппарат иадҵаало рацәахеит лҳәеит аомбудсмен

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 — Sputnik. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу иаппарат ахь ааԥхьарақәа еизҳаит лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа.
"Раԥхьаҵәҟьа ауаҩы азинмчы змоу ианба идҵаалатәыз рзеилымкаауазҭгьы, иахьа ауаа еилыркаауеит —азинмчы змоу иахь адҵааларазы ухала ак шыҟаҵатәу", — азгәалҭеит лара.
Ауаа ианаамҭоу ишрыдымҵаалогьы, насгьы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу инапаҵаҟа иҟоу азҵаарақәа рзы акәымзаргьы ацхыраара рырҭоит.
Ааԥхьарақәа рҷыдара аҽаԥсахуеит ҳәа азгәалҭеит аомбудсмен. 2023 шықәсазы анхарҭатә ҟазшьа змаз азҵаарақәа еиҳазар, ҵыԥх еиҳарак аҭаацәараҿы ақәымчра ахҭысқәа ракәын иҟаз лҳәеит Кьышьмариаԥҳа.
2025 шықәсазы еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы аомбудсмен илыдҵаалеит шәҩык рҟынӡа лҳәеит лара.