2025 шықәсазы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррахь ҩ-нызқь рҟынӡа ахҭысқәа ҟалеит ҳәа адыррақәа ҟаҵан, абри атәы арадио Sputnik аҿы иҳәеит аусбарҭа аиҳабы Лев Кәыҵниа.
Кәыҵниа иажәақәа рыла, 2025 шықәсазы аҭагылазаашьа ҷыдақәа ирыхҟьаны 18-ҩык ҭахеит.
Аӡаҿы, ашьхараҿы, амцакрақәа раан уҳәа аусутә маҷымкәа иҟан иҳәеит Кәыҵниа.
Инарҭбаау аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.