Даараӡа иуадаҩуп уара уабиԥара иаҵанакуа аҩыза, ииасхьоу аамҭа иадҳәаланы ихьӡ ахцәажәара. Ус шакәугьы, акрынтә ус сақәшәахьеит сжурналисттә ԥышәаҿы. Дасу иара илахьынҵа ицыршоит, иҟоуп заа ари адунеи ааныжьра уахҭас измоу.
Абар шықәсык ҵит идунеи иԥсахижьҭеи акыршықәса аус ҳацызуаз, зны-зынла зымаӡақәа ҳамаздоз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Даур Инаԥшьба. Ари ашықәс зегь сазхәыцуан изыскырц аофициалтә тексқәа иреиԥшым, анаҩстәи абиԥарақәа дзеиԥшраз еилыркааратәы иҟоу анҵамҭа. Ауаҩы идырра мариам, ауаҩы еснагь дзаҵәуп, дзынхьаауа бжеиҳан ихы даназынхо ауп ианихәшьадуа. Ус шакәугьы, акыршықәса ажурналисттә мҩахәасҭа иҳацанысуаз ҳҩыза исахьа ҷыдарақәа сырзааҭгыларц сҭахуп.
Даур Ганта-иԥа сара дыздыруан наԥшыхақә ателехәаԥшраҿы аусура салагаанӡа, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциа аԥхьа дызбалон, аха аԥсшәа еибаҳҳәон ауп, ҳаицәажәаратәы аимадара ҳамамызт. 1990-тәи ашықәсқәа рзы агазеҭ аҟынтә ателехәаԥшра аинформациатә маҵзура арӷәӷәарзы ииаргаз ажурналистцәа дреиуоуп иара, убри аамҭазы саргьы раԥхьатәи сԥышәа саналагоз акәын. Усҟан иахьеиԥш иус мариамызт асиужет аҟаҵара аҽадԥхьала, избанзар сара ахәыҷтәы дырраҭара акәын сзыдҳәалаз, аинформациатә маҵзурахьы аиасразы иаҭахын аԥышәа. Даур Инаԥшьба усҟан ажәабжьқәа рҿы аус иуан, уи адагьы, иҟан аредактор-аҷаԥшьаҩ иаҳасабала мчыбжьык ахьтә знык аҭыжьымҭа инапы иананыз. Изхысҳәаауа, имҳәа-мырзакәа адҵа сиҭон акультуара иадҳәалаз ахҭысқәа аныҟаз, еиҳаракгьы асабшеи амҽышеи рзы аусуҩцәа рӷьырак рыԥсы аныршьоз, мамзар узышьҭуадаз уи знапы ианыз ауаа ыҟан. Арҭқәа сара исхашҭӡом, избанзар уи ианубаалон ажурналист ашьыцра шиламыз, дшаартыз, даҽаӡәгьы амҩа иҭара дшацәымшәоз. Раԥхьатәи стекстқәа ирыхәаԥшуаз иара иакәын, астендаԥқәа шыҟаҵатәу уҳәа амҩа сықәызҵоз дреиуан иара. Даур дҭынчын еснагь, акы даргәамҵуа сымбацызт. Сызҿу аамҭа Аԥсны амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иасакьаҳәымҭан, ана ара ақырҭуа милаҭеилыхыҩцәа акциақәа мҩаԥыргон, азвиадистцәа ҳәа изышьҭаз уажәы-уажәы амитингқәа еиҿыркаауан, иҟан аидысларақәагьы. Абарҭ зегьы аԥсуа телехәаԥшцәа иҭыхны идзырбоз дыруаӡәкын Даур.
Ажурналист ицәаҩа аҷыдарақәа ҳарзааҭгылозар, иԥсабара иалан агәымшәара, насгьы арԥыс иаҳасабала Анцәа ианеишьеит аҭеиҭыԥш бзиа. Уи иеиҽырбон сҳәар ауеит иреиӷьыз аҭыԥҳацәа, аха илахьынҵа азаҵәра ацзаарын. Иҟан уи иадҳәаланы ҳанеицәажәоз, Даур иажәа иалан "сан лгәы сзынмырхеит". Москва ажурналистика афакультет далганы данаауаз бзиа иибоз аҭыԥҳа ихы дадикылеит. Иара ишиҳәоз ала, иан лыҷқәын инасыԥ аԥсуа ҭыԥҳа лакәын иадылбалоз.
Даур аибашьра адәаҿы иаҟара гәымшәара злаз ԥсыуа журналистк дыҟамзаргьы, аҭынч ԥсҭазаараҿы зтәы иазыргоз иакәымхеит сҳәар ауеит санизхәыцуа. Игәаӷьра аҽарӷәгәон аԥсадгьыл иадҳәалаз ахҭысқәа рҿы, аха егьырахь иҟазшьа џьбарамызт, "сара ус исыӡбеит" ҳәа зтәы иазыргоз дреиуамызт, игәы ԥшқацәан азы иан лгәы дзамысит. Бзиа иибоз аҭыԥҳа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҟынтә Москваҟа дыԥрит, Даури лареи рразҟы ԥеиԥш шамамыз анеилылкаа. Иара дизымыхьчеит Урыстәыла агәеисырҭа аҟнытә, зегь кажьны Аԥсныҟа ицны иааз аҭыԥҳа. Ишьҭыԥрааз аҳаирплан даманы ицеит ажурналист иразҟы заҵәы. Убри инаркны, еиуиеԥшымыз абзиабаратә романқәа имазаргьы, идунеи аниԥсахуаз аҽнынӡа ихала дыҟан, аҭаацәара аԥимҵеит. Иҩызцәа акырынтә деиқәдыршәарцгьы иалагахьан, аха абраҟагьы алахьынҵа аԥылара иҭахымхеит. Ажьырныҳәа 20 2025 шықәсазы идунеи аниԥсахуазгьы, аӡы сыржә зеиҳәашазгьы иааигәа уаҩ дыҟамызт.
Аԥсуа телехәаԥшрахьы зегь раԥхьа аусура иаауаз Даур Инаԥшьба иакәын, иааигәа инхоз ауаа асааҭ 10 шыҟаз имашьына аҩны агәашә аԥхьа ишгылаз анырба ак шыҟалаз рдырит. Даур дцеит ҿымҭӡакәа, хьаак имазаргьы аӡәгьы имырдырӡакәа. Абас иҟан ажурналист иҟазшьа сара сыблақәа рыла. Иҟазшьа анысҳәа, даара алафҳәара бзиа ибон. "Бзиала шәаабеит, иҭабуп аусура шәахьааз" ҳәа реиҳәон ишьҭахь аусура инеиуаз зегьы. Егьа гәынамӡара имазаргьы, аусураҿы акы даҿагыло, ихатәы иаиргарц далагомызт. Иҟалап убри акәзаргьы иара грас имаз. Изымҳәоз зегь гәнигон, аха иамеикуамызт. Ажәакала, Даур Занҭариа ишиҳәахьаз еиԥш "аҳра ишаҭахыз" дныҟәон ажәабжьқәа редакторс данрымазгьы, инапы ианыз аполитикатә сиужетқәа анынеигӡозгьы. Даур имаз агәаӷьра бзианы издыруан, убри аҟнытә исгәаԥхаӡомызт уи ишьҭикааз аҟазшьа, иагьиасҳәахьан, аха иара инапы иҟьон, иаԥсам ҳәа ишьаны. Аофициалтә протоколтә ҭыхрақәа рышьҭахь итекст иалан "апрезидент икурс иадгылоит" ҳәа ахҳәаа. Даур ус иҳәон амчраҿ иҟаз дарбанзаалакгьы рхаан. Иара ибзианы дыздыруаз зегьы еилыркаауан уи ажурналист ирониа ҳасабла ахыцқәа ирҭаку еилкаараны исиужетқәа ишырԥишьуаз. "Акурс иадгылоит" алаф ахаҳҳәаауан иареи сареи уи ажәеидҳәала. "Бзиала баабеит" ҳәа актәи аихагылаҿы данысԥылалк "акурс иадгылоит" ҳәа аҭак исҭон, избанзар Даур уи дшазымгәаауаз здыруан. Аибашьра ашьҭахьгьы ақырҭуа террористтә гәыԥқәа Гал араион аҿы ианжәылоз, зегь раԥхьа уахь аҭыхразы ицоз иара иакәын, еиуеиԥшым амчратә операциақәа ҳара ҳтәқәа ианымҩаԥыргоз, Даур иакәын аоператор иаԥхьа игыланы идәықәлоз. Даур иагьа ишәарҭазаргьы ихы ахигомызт, ҽырдагәа ҟаиҵомызт аӷа ихы иаҿагылатәызаргьы.
"Ажәа ԥшӡоуп ҳәа исҳәом, ажурналистра сара исыԥсҭазаароуп", - иҳәон ҩбара аламкәа Даур Инаԥшьба ицәажәарақәа руак аҿы. Ииашаҵәҟьаны, иара изы иҟаз арепортаж акәын, деилаҳангьы иныҟәигомызт аредактор иҭыԥгьы. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра анцоз ахь сгьежьуазар, иахьа уажәраанӡагьы ҳхы иаҳархәоит иара иҭихыз анҵамҭақәа. Ахӡыргара ицәымӷын иара, иаҟара злымшазгьы рыбжьы рдуны ианцәажәоз Даур ҿиҭуамызт. Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз ателеканал "Абаза" иалшеит инеиҵыху иинтервиу анҵара, иара убас, Аԥсуа телехәаԥшра архив аҿы иҟоуп зны-зынла иҟаиҵоз ахҳәаақәа. Нанҳәа 14 1992 шықәсазы "Ацҳа ҟаԥшь" аҿы аҭыхрақәа ирылагаз ажурналист гәымшәа, ижурналисттә ԥсҭазаара зегьы репортажла иҭәын. Иҟаӡам хҭыск Даур Инаԥшьба дызвысыз, ихы зхигаз. Аруаҩ диҩызан, аредакциа иднаҵоз адҵа анагӡара дазыхиан. Иааидкыланы иуҳәозар, илшахьаз рацәан, аха амцхә далацәажәомызт сҳәар еиҳа ииашахоит.
Аибашьра анцоз Даури сареи Гәдоуҭа хыбрак аҿы ҳанхон (аԥсшьарҭа "Черноморец"). Ишыжәдыруа еиԥш, усҟан аӡыни ааԥыни хьҭан, асы леит. Суадаҿы цәгьа ихьшәашәаран, ари гәазҭаз Даур исзааигеит иара имаз арԥхага. Уи адаҷқәа еиларҵәины, агәы хаххала цәгьала иҟан, аха усгьы уарԥхон. Ари ахҭыс аибашьра анеилгагьы ҳаҭыр ақәҵаны игәаласыршәон, избанзар иара игәыҭбаара иасимволын. Иара иуадаҿгьы са сҿеиԥш ихьҭамзи, аха аԥхарра сара исыҭаны, иара ахьшәашәара дақәшаҳаҭхеит. Апансионат аҿы акрыфарҭа ыҟан, иссирмызт уа иҟарҵоз афатә, аха еибашьран аҟынтә ҳҽалагӡаны шьыжьла чаижәра ҳцон. Сбарҵа днаҵагыланы ҿиҭуан "сылашара баала чаижәра" ҳәа. Иара длафуан, изаҳауаз иџьаршьон "сылашра" ахьацыз.
Аибашьра анеилга Аԥсуа телехәаԥшра ҿыц "анхара" иалагеит. Усҟан арежиссиор Амиран Гамгиа иаԥшьигоит Владимир Занҭариа редакторс дызмаз аинформациатә-аналитикатә дырраҭара "Асабша". Уи амҩаԥгаҩцәа дыруаӡәкын Даур. Убраҟа аус еицаҳуан аусура иазыхынҳәыз ажурналистцәа. Иахьа иџьашәшьаргьы, усҟан ҳара дҵас иҳаман аԥсҭазаара иацыз амыҟәмабарақәа, ауаа ирызцәырҵуаз азҵаатәқәа ирызкыз асиужетқәа рыҟаҵара. Анаҩсан, иара имҩаԥигон автортә дырраҭарақәа "Ахҭыс", "Ҳазҭагылоу аамҭа". Исгәалашәоит "Ахҭыс" иадҳәалоу Даури сареи ҳаимак. Иара иҩышьа астили, сара стәи уамак еиқәшәомызт, Даур аҳәоу аҿы ақәыӷәӷәарақәа рҿы ишьҭикаауаз аинтонациа сара саабуамызт. Аҳәаанырцәтәи ажәабжьқәа ррубрикаҿы аамҭала садигалеит идырраҭара. Атекст иара иҩуан, сара саԥхьон. Даур уи игәаԥхомызт, саргьы са стәы иасыргарц салагон. Ари "аус" иаднагалеит Кристиан Бжьаниеи Оҭар Лакрбеи. Иеилацәажәан диԥыраҳгар еиӷьуп ргәахәзар акәхап, уи ажәабжьқәа рыԥхьара сааҟәырхын, адырраҭара "Ажәа" ахь схы дырхеит. Абри зегьы лафшақә акәын ишымҩаԥысуаз, нас акаҳуажәырҭаҿы ҳаидтәаланы ҳалацәажәон. Даур изгәаашьа амамызт, иаргьы агәаӷ згәы иҭакны иныҟәызгоз иакәмызт.
Абас ишыҟаз, иаацәырҵит 2004–тәи Аԥсны аҩнуҵҟатәи аполитикатә цәқәырԥақәа. Уи аԥсуа журналистика аԥырхага ду анаҭеит. Иҟалеит аҽеиҩшара, 2004 шықәса ашьҭахь зусура аанзыжьыз, ма иаанзмыжьыр ада ԥсыхәа ҟамлаз ажурналистцәа ҟалеит. Аха, Даур Инаԥшьба уи ацәаҳәа иҽамҭақәа аредакциаҿы даанхеит, иҟалап ихатәы лкаақәа ҟаиҵазаргьы, уи акәхап иаргьы саргьы алаф зхаҳҳәаауаз "акурс иадгылоит" ижурналисттә ԥышәаҿы изышьҭикааз. Иҟан иареи сареи аимак анҳамаз, ҳгәы аннибархазгьы. Усҟан сара акурс садымгыло саналага уа аусура аансыжьхьан. Даур аинтервиу змихуаз амчра иадгылоз ауаҩы исымҳәаз лҳәеит. Даургьы уи идыруашәа сыҟан, аха ус ишыҟаз ишьҭит, сара сгәаанагара ҭымҵаакәа. Сара сизгәааит, иара илшон ҭелла иҽсымаданы дсазҵаар… Аха, уи азы аиӷара ҳабжьалозма? Даур идыруан "акурс иадымгылоз" руахҭа шымариамыз. Иара дныҟәон иара ишихәыцуаз, аха ахаангьы идыруан аиаша ахьыҟаз.
Ихьаазгоит иҟамзаара, ихьаазгоит ибжьы мыргаӡакәа 65 шықәса ахарҭәаарагьы дахьымӡакәа ҳахьаанижьыз. Зегь раԥхьаӡа иргыланы Даур Инаԥшьба дуаҩ бзиан, дгәымшәан аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагылаз, аполитика аҿагылара хра шаламыз сара саԥхьа иара еиликаахьан, убри азоуп "акурс иадгылоит" ҳәа сызҿыз азы инапы ҟьаны дызсывсуаз. Иара дҟәыӷан, ишаԥсам еиликаахьан аиаша ашьҭашәарыцара.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Даур Инаԥшьба ианаршьахьан "Агәымшәараз" амедал, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III -тәи аҩаӡара. Зегь реиҳа хәы змамкәа аԥсуа журналистика иазынижьыз атәы ҳҳәозар, хымԥада Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа рҿы иҟаиҵаз аҭыхымҭақәа роуп, урҭ Аԥсуа телехәаԥшра архив аҿы ихадоу аҭыԥ ааныркылоит. Даур Инаԥшьба диит хәажәкыра 16 1960 шықәсазы Ҷлоу ақыҭан. "Аибашьра ааилгазар сирамш азгәасҭаӡом, избанзар хәажәкыра 16 ари трагедиоуп сара сзы", - иҳәон ажурналист иирамш аҽны Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз.
Шықәсык аԥхьа аӡәгьы дмыргәамҵкәа идунеи иԥсахит Даур Инаԥшьба. Еснагь аԥхарра ацуп сгәаҿы уи ихаҿсахьа. Даара ихьаазгоит иҟамзаара. Иԥсаҭа лашазарц Анцәа сиҳәоит.