Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 75 ҭадырхеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа асааҭ 23:00 инаркны 07:00 рҟынӡа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 75 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 45 карыжьит, Орловтәи аобласт аҿы — 9, Амшын еиқәа инахыкны — 7.
Хԥа-хԥа дрон ҭадырхет Ростовтәи аобласти Ҟрыми рҿы, ҩба-ҩба карыжьит Астранхантәии, Курсктәии, Бриансктәии аобластқәа рҿы. Акака — Воронежтәи аобласти, Азовтәи амшын инахыкни.