Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыкала украинатәи адронқәа 52 ҭадырхеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 — Sputnik. Урыстәыла арегионқәа рҿы аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыкала украинатәи адронқәа 52 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 18 уахыкала Бриансктәи аобласт аҿы иҭадырхеит, 15 — Краснодартәи атәылаҿацә аҿы.
Ԥшь-дронк карыжьит Ростовтәи аобласт аҿы, ️3-3 — Белгородтәии Астрахантәи аобластқәа рҿы.