Аԥсны 2026 шықәсазы актәии аҩбатәии ахәыҷы ииразы ирыҭахоит 100 нызқьмааҭ, ахԥатәии аԥшьбатәии рзы — 200 нызқьмааҭ, ахәбатәии анаҩстәи аҳәыҷқәа риразы - 300 нызқьмааҭ. Абри атәы арадио аҿы иҳәеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭеилакы азинтә ҟәша аиҳабы Аслан Сангәлиа.
Аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы адемографиа арҿиара иазку апрограмма аус ауеи 2019 шықәса раахыс иҳәеит иара.
Сангәлиа иажәақәа рыла, ҵыԥх апрограмма анагӡаразы 120 миллион мааҭ арбан, сынтәа 158 млн мааҭ азгәаҭоуп.
Инарҭбаау аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.