Аԥсны

"Жәҩанахьтә ишеишеиуа": амза азгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи рҿы ишаарԥшу

Ажәҩан ҭбааҭыцә иагәыдыршәылоу амза иазку аматериал ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
Амза аҭәымҭоуп, ашәҭ аптымҭоуп,
Ӡаӡа ҳәымҭоуп, ааи, уаха.
Гәырҩа ԥсымҭоуп, ашәа имҭоуп –
Аеҵә кыдуп имцаха.
Рушьбеи Смыр
Ажәҩан агәы кеикеиуа ианеилгоу, аеҵәақәа еилџьџьаауа ианыҟоу, ишашаӡа ажәҩан анаӡараҿ иаакыдлаз амза ҭынч утәаны уазԥшуазар, иузгәамҭаӡакәа цәанырра хааӡак наулалоит. Угәы уҵԥраауа, аԥсҭазаара уеигәырӷьо, хәыцрашәк ургәыларгалоит. Ажәҩан ахь уԥшуеит, уԥшуеит. Аеҵәақәа уаҟа икыдӷӷаа ишкыдугьы, убарҭкәа зегьы аҵанарӡуеит амза. Амзаҿа анҩыҵхахо зынӡа убла хнакуеит, ианҭәу акәзар, узхара иузымбо уахәаԥшуеит, жәҩанахьтә ишышеишеиуа уахада иумбацызшәа. Амза ҭҭәааӡа ажәҩан иахьагәыдыршәыло џьара шәытарақәакгьы шану адубалоит, аха урҭ ашәытарақәа ирызмырхәашьыкәа ишылашац илашоит.
Аҭҵаарадырра аганахьала уахцәажәозар, амза адгьыл иакәшоит. Иара диаметрла ԥшьынтә адгьыл аасҭа еиҵоуп. Амзаҿы ауаҩы дзышьцылахьо аҳауа ыҟаӡам, аԥша асӡом. Раԥхьаӡа акәны Амза ауаҩы ишьапы ықәиргылеит 1965 шықәсазы. Усҟан уахь инеиз Америка ауааԥсыра Едвин Олдрини Нил Армстронги роуп.

Амза аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы

Аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы амза ацқьара, абзиара иасимволны иаарԥшуп. Амзаҿа анырбалак, ахьы мацәаз, аиха, асаркьа цқьа ма араӡын ԥара иахәаԥшуан. Уи ус аҟаҵара амагиатә мчы амоуп ҳәа ирыԥхьаӡон, уи амза нҵәаанӡа даргьы рыԥсҭазаара цқьаны, гәырҩада ирхыргоит ҳәа агәаанагара рыман. "Амзаҿа ахьаҩаҿа, ублабара ҳазгәырӷьахааит!", -- рҳәон.
Ажәакала, амзаҿа анубо ицқьоу акы уахәаԥшыр, уи ацқьара уара уахь ииасуеит ҳәа ирыԥхьаӡон.
Мушьни Миқаиа ироман "Ашацәа ртәарҭа" аҟны иуԥылоит аҭыԥ абду амзаҿа ажәҩан икыдны ианиба имаҭа дшиныҳәаз:
"…Иаԥхьа снаиргылан, хынтә амзаҿа снадибалан: "Мзаҿашәа ухы-угәы лашааит, мзаҿашәа иузҳааит!" – иҳәан, схы ааишьышьын, ҳмаҵурҭахь симаны иҿынеихеит.
– Ус зуҳәеи, баба? – сҳәан, сизҵааит.
– Хынтә амзаҿа уадызбалеит, дад! Ушьҭа, абни, абыржәыҵәҟьа ицәырҵыз амзаҿа еиԥш иузҳауеит, амза еиԥш улашоит, ақәра уқәрахааит! Амреи амзеи рымшра-рыҵхра уцзааит уахьыҟазаалак! – иҳәеит, сабду.
– Нас ушьҭа саргьы амзеиԥш слашома, баба? – сҳәеит.
– Аиеи, дад, ушьҭа уаргьы уԥсҭазаара амҩа, есымша мзашәахәа, мрашәахәа ахьыршахоит. Уахынла амза уцгылоит, ҽынла амра уцҿыхоит. Амреи амзеи рылыԥха-гәыԥха Анцәа иуиҭааит! – иҳәан, сабду ажәҩан днаҵаԥшит".
Амза ацқьара абзиара еиԥш аромантикагьы ацуп. Ажәытәан ҩыџьа рынасыԥ анеиларҵоз, аҭаца илынасыԥыз иҩнаҭахьы данымҩахыргоз амза лықәыҷҷа, уахынла акәын. Убри аҟнытә апоет Сарион Ҭаркьыл ицәаҳәақәа абра ианаалоит ҳәа сгәы иаанагоит:
"Амза ҩыџьа ирықәшаҳаҭын, амза ҩыџьа рыгәра агон,
Ҩыџьа ақәыԥшцәа ргәы раҳаҭын, насыԥ лашак ргәы иабон".
Аԥсуаа амза асахьала аԥҳәызба лыԥшӡара аадырԥшуа маҷым, иаагозар: "Мзаҵаз длашоит", "Амзеиԥш дгәыкуп", "Мзашәа дкаҷҷоит", "Лыџьымшь амзаҿа иаҩызоуп". Амза ахьӡ иахаршаланы ишьақәгылеит аҭыԥҳацәа рыхьӡқәа: Амза, Мрамза, Мзана, Мзиана.

Амзеи ажәлар разгәаҭарақәеи

Амзаҿа ангыло ауха аԥсыӡ иабоит, адырҩауха ала иабоит, адырхауха ауп ауаа ианырбо рҳәоит.
Амзаҿа анубалак, ахьы мацәаз арбаны "Амзаҿа ахьаҩаҿа ублабара ҳазгәырӷьахьааит" ҳәа уҳәар бзиоуп.
Амзаҿа иҭакнаҳаны иҟазар – амшцәгьа иатәуп.
Амза аҭәымҭазы ацәара уадаҩхоит ҳәа рҳәоит.
Амза игьежьӡа амацәаз еиԥш аҽыкәаҳа акәшан иҟазар, уаҩ дук дыԥсуеит рҳәоит.
Амзаҿа иашаны икыдлар, убри амза зегьы амш бзиа иатәуп.
Амзаҿа ангыло аҭаацәара уалалар, уманшәалахоит рҳәоит.
Амза атыҩ ианакуа ала алымҳа ырҵәины иурҵәаар бзиоуп рҳәоит.
Амза аҭахамҭазы аԥҳәыс дааугар бзиам, аҿиараҿы уманшәалахом ҳәа азгәарҭоит.
Амза агәы ҩарханы, аныга ахьушьыртә ианкыду, ашықәсан иаарҩарахоит.
Амза атыҩ ианакуа ухысыр бзиоуп "шәкы рахьтә ак неиуеит" рҳәоит.
Амзаҿа иациз асаби дымшхоит рҳәоит.

Амзеи аԥхыӡқәеи

Ачымазаҩ амзаҿа деиԥхыӡзар, дук хара имгакәа дыбзиахоит рҳәоит.
Ԥхыӡла амза асахьа аӡы ианубаалазар, уск аҿы аиҵахара иазҳәоуп.
Амзаҿа уҿаҷҷо ԥхыӡла иубазар, уадаҩрак уаиааиуеит.