Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны амиграциатә процессқәа рыҽдырҭбаауа иалагеит. Ареспублика иаҭаауеит 120 инареиҳаны аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа. Урҭ раӷьырак аусуразы иаауеит. 2025 шықәсазы мацара 12 500 рҟынӡа аусура азин узҭо адокументқәа еиқәыршәан, зықьҩыла амигрантцәа ашәшьыратә сектор иалган. Иахьа амиграциатә политика шышьақәгылоу, атәыла ашәарҭадареи аекономикатә ҭахрақәеи рыбжьара абаланс шымҩаԥысуа, ҳзакәан амигрантцәа ирзаанартуа алшарақәеи иҟоу аԥкрақәеи зеиԥшроу астудиаҿы дрылацәажәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура анапхгаҩы Саид Ҵнариа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.