Аԥсны афымцалашара зхы иазырхәо альготатә категориақәа реиҭашәҟәҭаҩра мҩаԥысуеит. Дара альготақәа рзы азин шьақәзырӷәӷәо ашәҟәбӷьыцқәа Афымцамчҭира аусбарҭа иадыргалароуп. Ҳазҭалаз ашықәс азы иҟоу алагалақәеи, урҭ акатегориақәа ирыҵаркуа абонентцәа рзы иаԥҵоу алшарақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит "Амшынеиқәафымцамч" хаҭалатәи ахаҿқәа аус рыдуларазы абоненттә ҟәша аиҳабы Шабаҭ Адлеибеи аенергетика ахырхарҭақәа рексперт Инал Лазбеи.