Ақыҭанхамҩа арҿиаразы ахықәкытә программаз апроектқәа змоу рзыҳәақәа адкылара аамҭала иааннакылеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра. Ас еиԥш аӡбамҭа мзызс иаиуз, сынтәа инарыгӡараны иҟоу апроектқәа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу, анхамҩатә наплакы аиҿкааразы иаҳа аԥыжәара зырҭо акультурақәа , апроектқәа рыдыкылара ҩаԥхьа ихацыркхар аналшо реилкааразы ҳаҽимаадеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.