Жәабран 5 1979 шықәсазы апединститут ашьаҭала иаԥҵан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет. Уижьҭеи сынтәа иҵит 47 шықәса. Ауниверситет аҭоурых Аԥсны аҭоурых иахәҭа дууп.
Ауниверситет рыԥсҭазаараҿы ҭыԥс ианнакылаз, астудентра анаҩс уа русура шхацыркхаз уҳәа ирзааҭгылеит арадио Sputnik астудиа асасцәа ААУ апедагогикатә факультет адекан ихаҭыԥуаҩ, алектор Сабина Барзаниаԥҳаи азиндырратә факультет адекан ихаҭыԥуаҩ, алектор Кама Чаблахԥҳаи.