Ааигәа аҭыԥ змаз зықәра наӡам аӡӷаб лымҵарсра инамаданы ацәажәарақәеи агәынамӡарақәеи цәырнагеит ауаажәлар рҟны. Убри аан иҟалеит агәаанагарақәа реиԥшымзаарагьы, ажәытә - аҿатә реиҿырԥшра. Аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәа рҟны ас еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа уҳәа ртәы арадио аефир аҿы иалацәажәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы аҭҵаарадырразы ихаҭыԥуаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Аҩӡбеи Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусузуҩ еиҳабы Елисо Сангәлиаԥҳаи.
Шәахәаԥш инеиҵыху аиҿцәажәара.