Аԥсны

Қәҭелиа дазааҭгылеит агастрономиа ахырхарҭала Урыстәыла аҵараҵара атәы

Sputnik
Аԥсни Урыстәылеи рнапхгара ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инамаданы, агастрономиа ахырхарҭала ареспублика аколлеџьқәа роушьҭымҭацәа быжьҩык Урыстәыла аҵара иацырҵоит. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Аԥсны аҵара аминистрра ауаажәлар рымдараразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Аԥсны атуристтә ҳәынҭқарран аҿиара излаҿу ала, аԥсшьарҭа ҩнқәа, ақьафурҭақәа уҳәа рҟны ззанааҭ ҩаӡара ҳараку аҟазацәа ҳҭахуп. Убри аҟнытә ари даара ихҭыс бзиоуп, аԥхьаҟагьы иацҵахоит уи аганахь ала астудентцәа рышьҭра ҳәа иҳәеит иара.
Қәҭелиа дазааҭгылеит аҵара хәыда-ԥсада Урыстәыла аиҳабыра рквотақәа рыла ишымҩаԥысуа, иара убас атәыла ахада идҵала Аԥсны Аҵара аминистрра ахахьы ишагаз рынхарҭеи рцара раареи ахә ахшәаара.
Шәахәаԥш арадиостудиа аҟнытә аиҿцәажәара.