Афизика, ахимиа, абиологиа амаҭәарқәа разхьаԥшразы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа аиҳабыратәи аклассқәа рҵаҩцәа алекциақәа рзаԥхьара иалагеит. Раԥхьатәи алекциа мҩаԥыргеит Аҟәатәи алицеи-интернат аҿы. Аҿар арҭ амаҭәарқәа иахьынӡаразҿлымҳау, аиԥылара шымҩаԥысыз, насгьы уи хәарҭарас иамоу уҳәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит алицеи-интернат аиҳабы Лариса Қапԥҳа.
Шәахәаԥш авидеонҵамҭа.