Аԥсны акультура аминистрра имҩаԥнаго Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә ԥхьахә аиуразы аицлабра хыркәшоуп иҳәеит акомиссиа ахантәаҩы, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Таиф Аџьба ихьӡ зху ахәыҷқәеи аҿари ирызку алитература аԥхьахә ранаршьеит — Анзор Мықәба — "Жьабаӷь фырхаҵа", Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа — "Аҳамҭа", Гәында Сақаниаԥҳа — "Ашәҭқәа рашәа".
Аицлабра иалахәын апоезиа, апроза, адрама ржанрқәа рыла 2022-2024 шықәсқәа рзы икьыԥхьыз асахьаркыратә рҿиамҭақәа. Инарҭбаау аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.