Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәу аспектакль "Афырхацәаҵәҟьақәа" мҩаԥгахоит РУСДРАМ аҿы. Аспектакль ықәиргылоит РУСДРАМ актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа.
Ари апроект аус адырулоит акультура- гәыҳалаларатә фонд "Ашанеи" Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театри. Убасгьы аинформациатә дгылара ҟанаҵоит Sputnik Аԥсны, афинанстә дгылара ҟанаҵоит Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аԥеиԥш".