Аԥсны

Аҟәа иаатит Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак злахәу астол гьежь

Sputnik
АҞӘА, жәабран 17 — Sputnik. Аԥсны ахада иҟны иҟоу Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак злахәу астол гьежь "Аҭҵаарадырратә еилазаара аҿиара: аҭахрақәа, акадрқәа, аплатформатә маругақәа" аатит Аҟәа.
Уи иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи аекспертцәеи академиатә еилазаара ахаҭарнакцәеи.
Аилацәажәара ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп ақыҭанхамҩеи атуризми.
Аиԥылара еиҿкаауп ИАЕ "Аԥсны акоманда", аплатформа "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла", анапхгараҭарҭа "Сенеж".
Аусмҩаԥгатә хықәкыс иамоуп азанааҭтә еимадарақәа рыҿиара, аҵарауаа ҿарацәеи аҭҵааҩцәа нагақәеи рыбжьара иреиӷьу аԥышәеимдара.