Ааигәа атәыла ахада Аԥсуа телехәаԥшра иеиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит ҳџьынџьуаа анхара иааҳго ара рышьақәгыларазы ҳауаажәлар рыгәҭа иаланхозароуп, уи иаҳа алҵшәа аиуеит ҳәа. Уажәраанӡа зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа ҳџьынџьуаа рынхареи рынҵыреи аус азнеишьа шыҟази, Бадра Гәынба дызлацәажәаз атәы лҵшәақәас иаиур зылшо азы игәаанагара атәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит Ауаажәларратә палата алахәыла, акыршықәса раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь игьежьыз Низам Ҳапат.
Шәахәаԥш инарҭбаау авидеонҵамҭа.