Аԥсны

Кочу еиҭеиҳәеит астол гьежь "Адемографиатә ҿиара: астратегиеи амеханизмқәеи" шымҩаԥысыз

Sputnik
Астол гьежь "Адемографиатә ҿиара: астратегиеи амеханизмқәеи" иалахәыз — адемографиеи, агәабзиарахьчареи, арепатриациеи рхырхарҭаҟны ихымԥадоу азҵаарақәа ирылацәажәеит иҳәеит арадио Sputnik аҿы Ауаажәларратә палата алахәыла Ҳакан Кочу.
Аиԥылара ф-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуан ҳәа азгәеиҭеит иара. Аграждантә форум ду "Адиалог. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара" амҩаԥгара аламҭалазы зынӡа х-уснагӡатә мҩаԥгахоит. Асоциал-економикатә ҿиара иазку анаҩстәи астол гьежь мҩаԥгахоит жәабран 25 рзы.
Инеиҵыху Ауаажәларратә палата алахәыла иҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik Аԥсны асаит аҿы.