Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәу аспектакль "Афырхацәаҵәҟьақәа" апресс-рбара мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы.
Ақәыргыламҭа иалахәын 40-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа, ақәыргыламҭа аҳаразы ауадаҩрақәа змаз ахәыҷқәа рзы ирманшәалан, ацхыраара рылҭон анапырхахаратә бызшәа (жестовый язык — аред.) аиҭагаҩ.
Амузыкатә қәыргыламҭақәа еиҿкаан академиа "Ахәырма" аҟынтәи аҟазауаа рыцхыраарала.
Апроект "Ҳәаа змам аҟазареи" акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" РУСДРАМи еицынарыгӡоит, Sputnik Аԥсны аинформациатә дгылареи Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аԥеиԥши" афинанстә цхыраареи рыла.