https://sputnik-abkhazia.info/20260224/1061278124.html
"Афырхацәаҵәҟьақәа" РУСДРАМ асценаҿы: ҳәаа змам атеатри агәыҳалалра аҳаҭырази
"Афырхацәаҵәҟьақәа" РУСДРАМ асценаҿы: ҳәаа змам атеатри агәыҳалалра аҳаҭырази
Sputnik Аҧсны
Аԥарақәа зегьы афонд "Ашана"хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ирзырхахоит. 24.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-24T18:00+0300
2026-02-24T18:00+0300
2026-02-24T22:43+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/18/1061278891_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_57c2dc431eced4d6c9561158cd14a938.jpg
Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәу аспектакль "Афырхацәаҵәҟьақәа" апресс-рбара мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы.Ақәыргыламҭа иалахәын 40-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа, ақәыргыламҭа аҳаразы ауадаҩрақәа змаз ахәыҷқәа рзы ирманшәалан, ацхыраара рылҭон анапырхахаратә бызшәа (жестовый язык — аред.) аиҭагаҩ.Амузыкатә қәыргыламҭақәа еиҿкаан академиа "Ахәырма" аҟынтәи аҟазауаа рыцхыраарала. Апроект "Ҳәаа змам аҟазареи" акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" РУСДРАМи еицынарыгӡоит, Sputnik Аԥсны аинформациатә дгылареи Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аԥеиԥши" афинанстә цхыраареи рыла.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/18/1061278891_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_cc6df551d761b3c0a27c5b3c03398c90.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны
фото, афотосахьақәа, аԥсны
"Афырхацәаҵәҟьақәа" РУСДРАМ асценаҿы: ҳәаа змам атеатри агәыҳалалра аҳаҭырази
18:00 24.02.2026 (ирҿыцуп: 22:43 24.02.2026) Аԥарақәа зегьы афонд "Ашана"хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ирзырхахоит.
Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәу аспектакль "Афырхацәаҵәҟьақәа" апресс-рбара мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы.
Ақәыргыламҭа иалахәын 40-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа, ақәыргыламҭа аҳаразы ауадаҩрақәа змаз ахәыҷқәа рзы ирманшәалан, ацхыраара рылҭон анапырхахаратә бызшәа (жестовый язык — аред.) аиҭагаҩ.
Амузыкатә қәыргыламҭақәа еиҿкаан академиа "Ахәырма" аҟынтәи аҟазауаа рыцхыраарала.
Апроект "Ҳәаа змам аҟазареи" акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" РУСДРАМи еицынарыгӡоит, Sputnik Аԥсны аинформациатә дгылареи Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аԥеиԥши" афинанстә цхыраареи рыла.

Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәыз аспектакль "Афырхацәаҵәҟьақәа" аԥхьарбара РУСДРАМ аҿы

Ақәыргыламҭа иалахәын згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа

Аспектакль шьаҭас иаман ан иеиҭалҳәаз лыҷкәын иҭоурых

Ақәыргыламҭа иалахәын 40-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа

ақәыргыламҭа аҳаразы ауадаҩрақәа змаз ахәыҷқәа рзы ирманшәалан ацхыраара рылҭон анапырхахаратә бызшәа (жестовый язык — аред.) аиҭагаҩ

Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа асценаҿы ажәеинраалақәа ирыԥхьон, афлеита адырҳәон, анапырхахаратә ашәа нарыгӡон

Амузыкатә қәыргыламҭақәа еиҿкаан академиа "Ахәырма" аҟынтәи аҟазауаа рыцхыраарала.

Апроект "Ҳәаа змам аҟазареи" ахыркәшаратә проектуп ари аинклиузивтә спектакль

Аспектакль далахәын Москватәи атеатр актиор Михаил Бабичев

Аԥарақәа зегьы афонд "Ашана"хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ирзырхахоит.

Арежиссиор-ақәыргылаҩ Џьамбул Жорданиа

Аспектакль алахәылацәеи апроект адгылара азҭази аҳаҭыртә шәҟәқәеи ашәҭқәеи ранашьан