Аԥсны

Ҳагԥҳаи Хәарааԥҳаи алацәажәеит згәабзиара ԥку рзы аинклиузивтә усмҩаԥгатәқәа рҵакы

Sputnik
Згәабзиара ԥку ахәыҷқәа рыԥсҭазаара маҷк иадамхаргьы арманшәалараз имҩаԥысуа аинклиузивтә усмҩаԥгатәқәа иахьынӡахәарҭоу, урҭ ацхыраас ирыҭатәу, иахьа уи аганахь ала аҟазацәа ҳамоума, абарҭ азҵаарақәа ирылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҿы Ауаажәларратә палата алахәыла, Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ахылаԥшратә хеилак алахәыла Илозьда Ҳагбҳаи апсихолог Алиса Хәарааԥҳаи.
Шәахәаԥш арадиостудиа аҟнытә авиденҵамҭа.