Аԥсны

Абҳазоу иҳәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 2026 шықәсазы ирыларҳәаз арҿиаратә еицлабрақәа

Sputnik
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара имҩаԥнагеит ари ашықәс азы раԥхьатәи аилатәара. Иазгәаҭаз иарбан зҵаарақәоу, ашықәс азы арҿиаратә хыдҵақәас иалкаахаз, еиҵагыло абиԥара амоума иахьатәи ҳаԥсуа литература, абарҭ азҵаарақәа арадио Sputnik аефир аҿы рҭак ҟаиҵеит Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
Инарҭбаау аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.