Аграждантә форум "Аиҿцәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара" аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит асоциал-економикатә ҿиара иазкыз апанельтә еицәажәара. Уаҟа еиҳарак иззаҭгылаз ақыҭа аҿиара азҵаара акәын. Аиԥылара аихшьаалақәеи ахықәкы хадеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит Ауаажәларратә палата алахәыла Дауҭ Агрбеи Лыхнатәи аизара адепутат Хьерсон Шәманиеи.
Аиԥылара цәгьамкәан имҩаԥысит, избанзар иқәҳаргылаз азҵаарақәа зегьы ҳрылацәажәеит, даара иҵаулангьы ҳарзааҭгылеит ҳәа иҳәеит Дауҭ Агрба.
Иара иазгәеиҭеит ақыҭақәа рхаҭарнакцәа ргәаанагарақәа ишырзыӡырҩыз, урҭ иқәдыргылоз азҵаарақәагьы актуалра шрымаз, дара рпрограмма ишашьашәалаз. Шәахәаԥш арадиостудиа аҟнытә инеиҵыху аиҿцәажәара.