Аԥсны

"Агәыр арахәыц аҵамкәа еимудар": агәыри арыхәыци ирызку иеиуеиԥшым азгәаҭарақәа

Агәыри арахәыци ирызку аматериал шәаԥхьарц шәыдылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
Ацәамаҭәа злауӡахуа, иагу-иабзоу злаурҽеиуа маҭәарқәоуп агәыри арахәыци. Ҳабла зышьцылахьоу, арахәыц аҵдарҭа змоу агәыр иаразнак ала ишьақәымгылеит, акыр аиҭакрақәеи аҽыԥсахрақәеи ахҭысит. Аханатә агәыр аԥстәқәеи аԥсыӡқәеи рыбаҩқәа ирылырхуан. Рахәыцҵас рхы иадырхәон ипаз, аха лассы иԥымҵоз аҵиаақәа.
Ҭаацәарацыԥхьаӡа зыҩны иҩноу агәыри арахәыци аԥсҭазаараҿы иахьаҳԥыло рацәоуп.

Агәыри арахәыци ахьаарԥшу

Аҵарауаҩ Цира Габниаԥҳа лышәҟәы "Амифи аритуали" аҟны иуԥылоит ажәабжьҳәаҩ Машьика Арсҭааԥҳа илҳәамҭоу адгьыл анцәахәы Џаџа илызку атекстқәа ҩба. Урҭ атекстқәа агәра удыргоит Џаџа аарыхразы еиԥш аӡахразгьы ишлыҳәоз. Актәи атекст аҟны иҳәоуп: "Џаџа лныҳәара ажәытәан иҵегьы инеиҵыхны имҩаԥыргон, аныҳәара иадыргалон: аҟабақ, аҟәыд еилыршәшәа, ахчбаба, аҽага, аҭәарӷәы, амацәаз, ааҵәа, агәыр, арахәыц. Агәыр, арахәыц, амацәаз Џаџа иҵегьы лылшарақәа ртәоуп ирҳәо. Иҟалоит уи аӡӷабцәа аӡахышьа дзырҵо, имҩақәызҵо нцәахәны уаанӡа илыхәаԥшуазҭгьы: "Абра бгәыр ыҟоуп, Џаџы. Бмацәаз ыҟоуп, Џаџы. Брахәыц абра иҟоуп, Џаџы". Актәи атекст ханарҭәаауеит аҩбатәи: "Ахәыҷы, аӡӷаб хәыҷы, днеиуан, агәыр ахчы аҟны иҟан. Агәыри арахәыци кылданы илкын, ахчы иаллырҟьон, ашәагьы рҳәон: "Аӡахра ҳарҵа, Џаџы, аӡахра ҳарҵа, Џаџы..."
Ауаҩы ицәа-ижьы иақәгылар алшо акәымпыл хәыҷқәа ажәлар рҿы хьӡыс ирымоуп "аканҵыҵырақәа" ҳәа (урысшәала "бородавки"). Аканҵаҵыра ахәыҷы иқәгылазар, уи кашәаразы ажәытәан арахәыц аашьҭыхны заҟа цыра иқәгылаз аҟара арахәыц еиқәырҳәалон. Анаҩс, арахәыц нагана ахәыҷы дахьзымнеиуаз ҭыԥ харак аҿы анышә иарҭон. Мчыбжьык анааҵлак аканҵыҵырақәа кашәоит ҳәа азгәарҭон.
Аԥсуа ҵас инақәыршәаны ауаҩы иҩны дацәыхараны иԥсҭазаара далҵыр, хымԥада иԥсы аҩныҟа иааргоит. Афольклорҭҵааҩы Цира Габниаԥҳа лышәҟәы "Амифи аритуали" аҿы илыҩуеит: "Анышә иамардаз роуп зыԥсы Нарцәы инеиуа. Ацәеи-жьи еимадатәуп ҳәа аԥсуаа ирыԥхьаӡоит. Убри азы аҩны имԥсыз, амҩан иҭахаз, аӡы иагаз, ахра иалҟьаз рзы иҟарҵоит "аԥсы аагара", "аԥсы аҭгара" захьӡу аритуал. Усҟан иҭахаз иԥсы арахәыц иқәҵаны иааргоит анышә иарҭаанӡа ицәеи-ижьи иамардарц азы.
Амчыбжь алагамҭеи анҵәамҭеи рыҩнуҵҟа аԥсуаа иалкаау, иҷыдоу амшқәа рымоуп, "амшшьарақәа" ҳәа ирышьҭоуп. Ианрымшьароу адгьыл иқәаарыхуам, рнацәхыԥ-ршьацәхыԥ хырыссом, рхахәы иагдырхом, иӡахуам уҳәа. "Ҵасым, иҳамшшьароуп" – рҳәоит.

Агәыри арахәыци ажәаԥҟақәа рҿы

"Агәыр зӡазгьы дӷьычуп, акамбашь зӡазгьы дӷьычуп", "Агәыр каршәны избаз ауардын ианиҵон", "Агәыр ааҵәа иузҭаҵәахуам", "Агәыр алаҵаны аиха алызхуа", "Агәыр амшын иаларшәны изыԥшаауаз", "Агәыр ӡахуеит, аха ахазы маҭәа ҳәа акгьы аӡахуам", "Агәыр змамыз арахәыц даҳәон", "Агәыр ӡахрамзар акгьы алшом", "Ԥҳәыск лыҵкы арахәыц ацәылӡон", "Агәыр ахькылсуа, арахәыцгьы кылсуеит", "Агәыр зҽахызгаз, аӡаӡ дахаԥалеит", "Агәыр ахьцо, арахәыцгьы аццоит" - рҳәоит аԥсуа жәаԥҟақәа.

Хазы урыхцәажәартә иҟоуп абарҭ ажәаԥҟақәагьы:

Аихақәа зегьы "ҷыҭ-сыҭ" андырга, агәыргьы "ҷыҭ" аҳәеит. Ари ажәаԥҟа иашьашәалоуп "Аҵарақәа зегьы "ҷыҭ" анырҳәа, аҷынҷагьы "ҷыҭ" аҳәеит". Акыр зылшоз, акыр иаԥсаз, акры здыруаз зегьы акака анырҳәа, уиаҟара зымч-зылшареи, здырреи-зԥышәеи ыҟамызгьы, ауаа ируа ҳәа ак иҳәеит.
Аҳамҭа агәыр иадамхаргьы, ҳаҭыр ақәҵатәуп. Иаагоу ажәаԥҟа иасинонимуп "Ууа бзиа иуиҭоу ҟәнумшьан" - гәыкала иурҭаз аҳамҭа, ихәыҷы-иду, иҟәнумшьар ауп, ҳаҭыр ақәҵаны иудукылар ахәҭоуп.
Иатәоумбо - арахәыц хызаҵәык ала ихиҵәоит. Ауаҩы ҽеишәа дудыраанӡа, илоу еилукаанӡа ихә умшьан ҳәа агәҽанызаара узҭо жәаԥҟоуп.
Адырди адырдхеи анеис, арахәыц рыбжьаҟазон. Еизааигәоу, еиуацәоу акы анеимарклак, реинрааларазы атәымуаҩ дрыбжьаҟазо даналагалак, абас рҳәоит.

Ажәлар разгәаҭарақәа рахьтә

Агәыр арахәыц аҵамкәа еимударҵасым, агәхашҭра иатәуп рҳәоит.
Агәыр арахәыц аҵамкәа аӡәы иуркыр ҵасым, иара акы уиҭаанӡа акгьы уоуам рҳәоит.
Агәыр аҭӡамц иаланаҵы угәы иҭоу аус аанҿасуеит, иҟалаӡом.
Агәыр уӷьычыр ҵасым, “уԥсымаҭәа алазӡахааит” ҳәа ишәиуеит.
Агәыр аҭӡы иалауҵар ҵасым, аҭаацәа аҭыӡшәа роуеит рҳәоит.
Ажәытәан аԥҳәыс лҭагылазаашьеи лхымҩаԥгашьеи рыла лцәа иалоу ахәыҷы дыҷкәыну дыӡӷабу аилкаара рҽазыршәон. Лымза анааигәаха, ԥхыӡла агәыр, арахәыц, аҵкы, акасы, ахәдахаҵа, акьанџьа, дԥозшәа, дықәҵозшәа лбазар – аӡӷаб лира иатәын.

Аԥхыӡқәа рдунеи аҿынтә

Агәыр уцәыԥҵәазшәа ԥхыӡ иубазар, еимакык, еилибамкаарак иазҳәоуп.
Арахәыц ма ашашәа еилаԥаҭа иудыркуа ԥхыӡ иубар – ус еилататак аилыргара уқәшәоит.
Ԥхыӡла агәыр унапы иалалазар, иузааигәоу, иуҩызоу уареи шәыбжьара ацҭәа аҟалара иазҳәоуп.

Аиҿырԥшрақәа

Иаарласны игәаара ихы-иҿы иналабан, рыцҳашьарак арахәыц аҟара ипаӡа инеиҿысны ицеит. (Шьалодиа Аџьынџьал)
Ари закәызеи?! Ишлаз лыхцә-хәыц ааҵылхит, арахәыц шкәакәа иаҩызан уи. (Анатоли Кәыҵниа)
Арахәыц еиԥш дысцәеилашәеит, – иҳәеит гәаныла иара. (Анатоли Лагәлаа)
Али-ԥси рыла дрыманы иааҩналт, иҟалаз изымдыруа, агага еиԥш дҭыгга хаҵа ҳаракык, арахәыц еиԥш дпаӡа. (Шьалоди Аџьынџьал).
Агәыр каршәзар иаашьҭихратә амза изарлашоз ала, Ҳаџьараҭ иҩызцәа рхы-рҿқәа еилгаӡа дырҿаԥшуан. (Никәала Ҳашыг)
Арахәыц еиԥш ипаӡа иаҿгаз амҩа ҳаҿысны ҳнеиуан Хынтрыгәи сареи ҳхала, егьырҭ зегьы игыланы иаҳзыԥшын. (Шьалоди Аџьынџьал)
Шьхарҵыск иаҟараны ишкәакәаӡа сылаԥш нақәшәеит аӷба. Арахәыц еиԥш ихәхәаӡа лҩа еиқәаҵәа хәыҷыкгьы ахылҵны ицон. (Платон Бебиа)
Астатиаҿы хархәара азун афольклорист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба истатиа "Ирӡым аҿаԥыцтә ԥҵамҭақәа".