Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит Аԥснытәи КВН "Амҩақәҵаҩцәа" алига актәи ахәмарра. Уи иалахәуп атәыла араионқәа рҟнытә аа-командак.
Очамчыратәи "Гиуенос-Аирес" азыҟаҵаҩцәа руаӡәк Валера Берзениа арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит актәи ахәмарра шымҩаԥысыз.
Зынӡа хә-хәмаррак мҩаԥгахоит: актәи ахәмарра, 1/8, 1/4, афиналбжа, афинал. Аицлабрақәа ирылагаанӡа алахәылацәа адраматургиеи, актиортә ҟазареи, асценатә цәажәареи рзы арҵаратә курсқәа ирхысит.
Инарҭбаау аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.