Арадио

Акамшьиа акра сынтәа иаҭагылазаашьоу: Аекологиазы аҳәынҭеилакы аиҳабы ицәажәара

Sputnik
Аԥсны Амшын еиқәа иахьаҵанакуа ԥхынҷкәын инаркны хәажәкыра анҵәамҭанӡа акамшьиа ркоит. Сынтәатәи аквотақәа ирынагӡашьоу, иҟоума иззыԥшыз аԥсыӡ, иазгәаҭоума аԥҟарақәа реилагара, ари ашықәсаз ишьҭыхума ахараԥсақәа? Аԥсны аԥсабареи аекологиеи рыхьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.