Аԥсны

Кәарҷиа дазааҭгылеит ақыҭа арҿиашьас иҟаҵатәу атәы

Sputnik
Аҟәа имҩаԥысыз Ауаажәларратә форум аҿы ишьҭыхыз азҵаара хадақәа ируакуп ақыҭа аҿиара. Аԥсуа қыҭа аиқәырхаразы раԥхьа иргыланы уааԥсырала аизҳара ыҟазароуп, анаҩс ақыҭа ԥсҭазаара иадҳәалоу иӡбатәу азҵааракәа жәпакы. Афорум аҿы излацәажәаз ақыҭа аҿиара атәы дазааҭгылеит арадио Sputnik астудиа асас, Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла, анаплакҩы Абесалом Кәарҷиа.