Аԥсны

Аԥсны акультуратә афиша: ацәыргақәҵақәеи аспектакльқәеи

Хәажәкыра 16 инаркны 22-нӡа ҳреспубликаҿы имҩаԥысуа акультуратә хҭысқәа. Шәаԥхьа, ишьақәшәаргыл шәкультуратә ԥсшьараамҭа.
Sputnik

Аԥсуа драматә театр

Хәажәкыра 16 асааҭ 16:00 рзы, иара убас хәажәкыра 17 асааҭ 19:00 рзы– аспектакль "Гәымсҭатәи абаллада".

Аҧсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар Ртеатр

Хәажәкыра 19 асааҭ 19:00 рзы- аспектакль "Аибашьра ахԥатәи амш".

РУСДРАМ

Хәажәкыра 19 асааҭ 19:00 рзы- аспектакль "Зегьы рцасҳәа агәырӷьара".

Ацәыргақәҵақәа

Хәажәкыра 16 -19 рзы асааҭ 10:00 инаркны ацәыргақәҵа "Аҳәса-асахьаҭыхыҩцәа XX-XXI ашә. аҟазараҿы" Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.
Хәажәкыра 16 -22 рзы асааҭ 10:00 инаркны Амилаҭтә сахьатә галереиаҿы иаартызаауеит ацәыргақәҵа "Москва-Аҟәа".
Хәажәкыра 16-22 рзы асааҭ 09:30 инаркны ацәыргақәҵа "Ааԥынтәи асалон" аатуеит The Wall Gallery аҟны.