Аԥсны

Шәлымба еиҭеиҳәеит Аҟәа ахақәиҭтәразы Марттәи ажәылара шцоз

Sputnik
Ирацәоуп зыӡбахә ҳзымдыруа аибашьра аҭоурыхқәа, зхы аӡыргара иашьҭам, ма урҭ аамҭа цәгьақәа ргәаларшәара зҭахым ҳәа иҳәеит Агәымшәаразы амедал занашьоу аибашьра аветеран Анзор Шәлымба.
Марттәи ажәылара — 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны зегь реиҳа ишьаарҵәырахаз даҟьахеит. 1993 шықәса хәажәкырамзазы Аҟәа агаразы ажәылараан иҭахеит 222-а аԥсуа аруаа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Шәахәаԥш инарҭбаау авидеонҵамҭа.