Аԥсны Ауаажәларратә палата еиҿнакааз Аграждантә форум алахәылацәа 2036 шықәсанӡа адемографиатә ҿиаразы Амилаҭтә программа аус адулареи ашьақәырӷәӷәареи мҩаԥгазарц ажәалагалақәа ҟарҵеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп арепатриациазы аҳәынҭқарратә программа аԥҵара, ҳдиаспореи ҳажәлари реимадарақәа рырӷәӷәара, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аус армариара уҳәа акыр азҵаатәқәа. Арепатриациа атема ганрацәала иазааҭгылеит арадио Sputnik асасцәа Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Асҭамыр Џьопуеи, шықәсқәак раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь игьежьыз Енгьын Ебжьноуи.