Аԥсны

Сақаниа дазааҭгылеит Амилаҭтә сахьатә галереиа аҭоурыхи иахьатәи аԥсҭазаашьеи

Sputnik
Хәажәкыра 17 1964 шықәсазы Аҟәа иаатит Асахьатә галереиа. Уи аартраҟны илагала дууп аҟазара ахә ҳаракны изшьоз, аҟәатәи аҳақьым Езекиель Фишков. Иара агалереиа ҳамҭас иаиҭаз иҩны ахәҭаки 60 сахьеи ирыбзоураны Аԥсны аҟазаратә традициа ҿыц шьақәгылеит уҳәар ҟалоит. Амилаҭтә сахьатә галереиа аҭоурыхи, шықәсқәак раԥхьа уи иахнагаз абылра ашьҭахь иаԥсҭазаашьоуи атәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит агалереиа аиҳабы Сурам Сақаниа.
Шәахәаԥш инеиҵыху аиҿцәажәара.