Атәыла ахада амедиа - проект "Ҳара" иеиҭаз аинтервиу аҿы иҭакҟаҵашьа аартын, иразын, аформатгьы маншәалан ҳәа ахҳәаа ҟаиҵеит арадио Sputnik асас, аполитолог Беслан Ҳагба.
Бадра Гәынба дрылацәажәеит аҳәынҭқарра ашәарҭадара инаркны хаҭалатәи азҵаарақәа рҟынӡа. Ицәажәараҿы гәыцә хаданы иҟан Урыстәылеи Аԥсны реизыҟазаашьақәа, афымцалашара аҭагылазаашьа, АОҶ аҟны еибашьуа аԥсуаа рыӡбаӷә уҳәа ртәы. Аԥсны ахада инаҵшьны иазгәаиҭеит атәылаҿы иҟоу аполитикатә еилазаарақәа зегьы рзыӡырҩра, ргәаанагара ҳасаб азура дшазыхиоу. Уи иаҳәо акырӡа ирацәоуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
Шәахәаԥш инеиҵыху аиҿцәажәара.