АҞӘА, хәажәкыра 23 — Sputnik. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциаициа алахәылацәа Владимир Занҭариа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟарҵеит.
"Владимир Константин-иԥа иҩызцәа, иара иҵыхәала игәыҭшьаагаз ажәабжь ҳазыԥшымызт. Ҳара ҳарзыԥшын уи ҩ-напыкала дызлагаз Ассоциациа ауснагӡатәқәа, иара ишицәаҩаз еиԥш, лҵшәа бзиала рҳәаақәҵара, хәызмаӡам иидеиақәа, иажәа ԥхылдақәа", - аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциаициа алахәылацәа иазгәарҭеит, Владимир Занҭариа ибзоурала ишеиҿкааз иакымкәа-иҩбамкәа ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳпоетцәа, ҳҵарауаа ргәалашәарақәа ирызкыз аиԥыларақәа, ҳлитературатә процесс иадҳәалаз ахәылԥазқәа, ашәҟәӡыргарақәа.
Владимир Занҭариа иԥсҭазаара алҵра ари аԥсуа литературеи аҭҵаарадырреи рзы ицәыӡ дуӡӡоуп ҳәа азгәарҭеит иара иколлегацәа.
Апоет, академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ауаажәларратә-политикатә усзуҩ, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы, Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ хада Владимир Занҭариа иԥсҭазаара далҵит 73 шықәса дшырҭагылаз хәажәкыра 21 рзы.