Аԥсны

"Гьала-гьала, уаргьала": ахәыҷра иаҟәырҷахо ауаргьала иахҳәааны

Ахәыҷра угәалазыршәо амаҭәар – ауаргьала иазку аматериал шәаԥхьарц шәыдылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
Раԥхьаӡа акәны ашкол ашәқәа ззаатыз аҵаҩцәа ҩызара рзызуа, аҵарадырра адунеи иагәылазхало “Анбан” шәҟәы абӷьыцқәа еихыршәшәо ушнеиуа иуԥылоит абри аҩыза ажәеинраала:
Уаргьала, уаргьала!
Гьала-гьала, уаргьала
Ухала, ухала, угьалала!
Нас са схала сыргьала!
Аиашазы иара уанаԥхьалак, иагьа удузаргьы, хәыҷрак ацәаара унахьыԥшуеит. Иссирыми Ахәыҷра! Уадаҩреи, хьааи, гәырҩеи ахьыҟам нашана тәылоуп. Иузхымго грак амоуп умҳәозар, знык ари атәыла аҳәаақәа уанырхыслак, иагьа ушьҭақәа урхыларгьы, шьҭахьҟа хынҳәышьа умам!
Ауаргьала ҳазыхынҳәуазар, уи ианакәызаалакгьы ахәыҷра иаҟәырҷахан. Уақәтәаны аҳауа еиҩырссо ԥхьаҟа уанцо, напыла ажәҩан аҟынӡа унаӡозшәа угәы иабон.
Аҩнаҭаҿы ахшара иира аԥсуаа еснагь гәырӷьарала иаԥылоит, гәыкала еидныҳәалоит. Аетнограф Григори Чурсин ишиҩуаз ала ажәытәан аԥсуаа ахшара дахьиуаз аҩнаҭаҿы ауаргьала хшьны иҟарҵон, "ԥа-гәырӷьа" аныҟарҵоз амш аҽны уахь имҩахыҵыз ахәыҷқәа ақәтәаны игьалон. Ауаргьала ахшьра аҵакы хада - ииз ахәыҷы дманшәалахарц, изҳашьа бзиахарц ауп.
Ахәыҷра ацәа хаа зху ауаргьала убасгьы агәырӷьареи, алахҿыхреи, аилҟьареи ирсимволуп. "Ауаргьала уақәтәаны угьалозар, угәнаҳа ухнахуеит" - аҳәоит аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа руак.
"Аамҭа ауаргьала иануп" - рҳәалоит дырҩеигь аԥсуаа ражәаҳәа иалаҵаны. Даара иласуп, узахьӡаӡом. Ауаргьала еиԥш аамҭақәеи аҭагылазаашьақәеи рҽырыԥсахыр рылшоит - зназы ԥхьаҟа иеихоит, зных шьҭахьҟа идӷьыруеит.
Ажәеи ажәеи еихҳәаауа абра иасырбарц сҭахуп сыстудент аамҭақәа раан Шьулиа Сабекьиа-Ԥачлиа лҿынтә ианысҵахьаз ҳәамҭак:
"Қыҭак аҿы ҷкәынак изҳауан. Иҭаацәа ида дрымамызт. Рыҩны ҭәын-иԥҳан, млеи хьҭеи дамкыцызт.
Аҭаацәа ахьынхоз ааигәа акәара ииасуан, уи анырцә ҭакәажәык қәахьк дыҩнан. Лара лымала дыҟан, дӷарны дынхон. Амца злеиқәысҵаша фархьк збозар ҳәа дныҵыҵлон. Аҷкәын иҩны инахарамкәа игылаз аҵла ду иахшьыз ауаргьала дақәтәаны даныгьалоз, уи аҭакәажә зны-зынла илаԥш дааҵашәалон, аха лыгәхьаа имкыцызт.
Уахык зны амш бааԥс ҟалеит, аԥша цәгьа асит. Аҷкәын ихҭакны имаз ауаргьала зыхшьыз аҵла ыҵыҩрын, рыҩны ҟәыбаса иагеит. Ишынҭаацәоу ахьҭа иакны, иқыџьқыџьуа иаадыршеит.
Иџьашьатәхаз, ауха иҟаз амшцәгьа аҭакәажә лқәахь иаԥырхагамхеит. Лылҩаҵә хәхәаӡа иҩеиуан. Лхәышҭаара иныҽҳәаргылан амгьал лӡит.
Аҭакәажә аҭаацәа ирыхьыз анылба, даара лгәы иалсит. Илыӡбеит ауадаҩра иақәшәаз ирылшо ала аӡхыраара рылҭарц. Илӡыз амгьал ампахьшьы инылалҳәан, амҩа дықәлеит.
Абас раԥхьаӡа акәны аҷкәыни аҭакәажәи ааигәала еибабеит. Инаилыркыз амгьал шаҳәшаҳә ихшәааз инап хәыҷқәа арԥхеит. Убри аминуҭаз аҷкәын еиликааит - ауадаҩрақәа ҳанрықәшәалак шаку агәырӷьара зыԥсоу анеилаҳкаауа".

Аԥхыӡқәа рдунеи ахьтә

Ахәыҷы ауаргьалаҿы дургьалошәа уеиԥхыӡыр – аманшәалара иатәуп.
Иҭацәу ауаргьала ахала игьало ԥхыӡ иубазар – агәаҟра, алаӷырӡ аанагоит.
Ауаргьалаҿынтә укаҳазшәа уеиԥхыӡзар – ԥхьаҟатәи уԥсҭазаараҿы еиҭакрақәак ирызҳәоуп.