Мшаԥымза 2 инаркны 4-нӡа "Аԥсны – аԥхьаҟатәи аинвестициақәа" захьӡу Жәларбжьаратәи аекономикатә форум мҩаԥысраны иҟоуп. Афорум аинформациатә партниор хадоуп Sputnik. Хымш рыҩныҵҟа иазгәаҭоуп астол гьежьқәа фба рымҩаԥгара. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны иалкаау аинвестициатә усмҩаԥгатәқәа рыбжьара иҟоуп ақыҭанхамҩа арҿиаразы азҵаарақәа. Ари ахырхарҭала аекономикатә форум Аԥсны азы аҵакы, аинвесторцәа радыԥхьалразы алшарақәа зеиԥшроу, иҟоума узызҿлымҳахаша проектқәак? Абарҭқәа ҳрылацәажәаразы ҳаҽимаадеит Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.