"Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа"

Ахба еиҭеиҳәеит Аԥсны аинвестициақәа ииашаны ахархәашьа шрыҭатәу

Sputnik
Алогистика, иҭышәынтәалоу афымца, ақыҭанхамҩа, акадрқәа — абарҭ рыда аекономикагьы зыҟалаӡом ҳәа иԥхьаӡоит анаплакҩы Асҭамыр Ахба.
Абарҭқәа ҟамлакәа ҳазлацәажәо апроектқәа зегьы лыҵшәада иаанхоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" мҩаԥысуеит мшаԥы 3-4 рзы.
Sputnik афорум аинформациатә партниор хадоуп. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны астудиа аус ауеит Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" аҟны.