Аԥсны

Џьопуа дазааҭгылеит аекономикатә форум алҵшәақәеи ақыҭанхамҩа аҿиараҿы ныррас ианаҭои ртәы

Sputnik
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны аусбарҭеи Россельхозцентри, ақыҭанхамҩатә нхарҭақәа реиҭарҿиаразы ацентр хадеи, Росагрохиммаҵзуреи, "Шьелково Агрохими" русеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа инапы рыҵаиҩит. Арҭ аимадара ҿыцқәа ҳқыҭанхамҩа аҿиара иахьынӡаныԥшуа, анапаҵаҩра иашьҭанеиуа аусеицура анхацыркхо, насгьы ҳаԥхьаҟа иаатуа алшара ҿыцқәа зеиԥшроу ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.